Акьы?хьразы аверсиа Акьыҧхьразы аверсиа

Ажәабжьқәа

RSS-канал аж?абжь??а рнапа?а?ра

1 - 15 of 516
Алагамҭа | Аҧхь. | 1 2 3 4 5 6 7 8 9 10 11 | Ашьҭ. | Last | Зегьы 

Аамҭа иаҵанакуа аматериалқәа (ар./амз./аш.) Calendar ... Calendar      

 

19/12/2008 18:10       АҦСНЫ, АҞӘА
Иахьа Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь Очамчыра араион даҭааит
Аҳәынҭқарра Ахада Очамчыра араион Ахадара аусзуҩцәеи араион ауаажәларреи идирдырит араион Ахадара аиҳабыс дшыҟаҵоу Мурман Џьопуа. Абри азы адырра ҟаиҵеит Аҧсны Аиҳабыра ринформациатә Усбарҭа аиҳабы Кристиан Бжьаниа.
/>>/

 

 

19/12/2008 16:40       АҦСНЫ, АҞӘА
Даниель Ортега аҳәамҭа ҟаиҵеит иаарласны Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи дшырҭаауа ала
Даниель Ортега игәы иҭоуп, дук хара имгакәа, Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи дырҭаарц. „Агәра згоит, иаарласны арҭ аиашьаратә республикақәа рыҩбагь сшырҭаауа ала“, - иҳәеит уи Москва Урыстәыла Афедерациа Апрезидент иҿцәажәара алыҵшәақәа рзы имҩаҧгаз апресс-конференциаҟны. />>/

 

 

19/12/2008 16:20       АҦСНЫ, АҞӘА
Кавказ ашәарҭадаразы Женеватәи ацәажәарақәа рраунд ҿыц иацҵахоит жәабран мза 17-18 рзы
„Аиҿцәажәарақәа ирылахәыз еиқәшаҳаҭхеит, Кавказ ашәарҭадаразы ацәажәарақәа 2009 шықәса, жәабран мзазы имҩаҧыргаразы“, - иҳәеит Морель аҧшьашаҽны, Европатәи Аидгылеи, ОБСЕ-и, ЕАР-и, Урыстәыла, Қырҭтәыла, Аҧсны, Аахыҵ Уаҧстәыла рхаҭарнакцәа злахәыз жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа ахҧатәи рраунд алыҵшәазы имҩаҧгаз апресс-конференциаҟны. />>/

 

 

19/12/2008 16:00       АҦСНЫ, АҞӘА
Аахыҵ Кавказ атәылақәа рҟны Ватикан адипломатиатә хаҭарнак Клаудио Гугеротти иахьа Аҧсны даҭаауеит
Аахыҵ Кавказ атәылақәа рҟны Ватикан адипломатиатә хаҭарнак Клаудио Гугеротти иахьа Аҧсны даҭаауеит. Уи дыиҧылараны дыҟоуп Аҧсны Адәныҟатәи Аусқәа рминистр С.Шамба. Асабшаҽны, ҧхынҷкәын 20 рзы, Ватикан адипломатиатә хаҭарнак,  дырҧылоит ,иара убасгьы, Аҧснытәи акотоликцәа. Абри азы адырра ҟарҵеит Аҧсны Адәныҟатәи Аусқәа рминистрра аҳәынҭҧкаанҵа аҟәша аҟны. />>/

 

 

18/12/2008 13:00       АҦСНЫ, АҞӘА
Очамчыра араион Ахадара аиҳабы Даур Ҭарба даҽа усурҭак ашҟа ииасра инадҳәаланы имаҵура аҟынтә ихы дақәиҭтәуп
Очамчыра араион Ахадара аиҳабыс дҟаҵоуп, уаанӡа Очамчыра араион Ахадара аиҳабы ихаҭыҧуаҩыс иҟаз Мурман Џьопуа. />>/

 

 

17/12/2008 18:20       АҦСНЫ, АҞӘА
Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы ихаҭыҧуаҩ Виачеслав Цыгәба Аҧсны Урыстәыла Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ Семион Григориев диҧылеит
„Аҧсны жәларбжьаратәи астандартқәа ирықәшәо адемократиатә азинтә ҳәынҭқарра аргылара амҩа иануп. Ҳара иҳамоуп аҳәынҭқарра амчратә институтқәа зегьы, иҿиоу ауаажәларратә еилазаара. Урыстәыла Афедерациа Аҧсны ахьыҧшымра азхаҵара ҳара ҳхықәкқәа риашара еиҳагьы агәра ҳнаргеит“, - иҳәеит аиҧылараҟны Цыгәба. />>/

 

 

17/12/2008 18:10       АҦСНЫ, АҞӘА
Аҧсны Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ С. Григориеви Аҧыза-министр А.Анқәаби реиҧылараҿы ирылацәажәеит ареспублика асоциал-економикатә ҿиара азҵаарақәа
Аиҳабыра рхада ацҳаражәҳәаҩ изеиҭеиҳәеит, ареспублика аремонт-еиҭашьақәыргыларатә усурақәа шымҩаҧысуа. Хәҭакахьала, уи иазгәеиҭеит, Урыстәыла иҟанаҵаз афинанстә цхыраара иабзоураны Афон Ҿыцтәи ауахәама аҟны ишымҩаҧгаз аусура ду . Аҧыза-министр иажәақәа рыла, Аҧсны, макьанагьы, ирацәоуп аиҭашьақәыргылара зҭахыу аҭоурыхтә қьырсиантә баҟақәеи, ауахәамақәеи. />>/

 

 

17/12/2008 18:00       АҦСНЫ, АҞӘА
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь Аҧсны Жәлар рфорум „Аидгылара“ аиубилеи аҧсуа жәлар зегьы ирыдиныҳәалеит
Аҳәынҭқарра Ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит, Афорум акәша-мыкәша ишеиднакылаз аҧсуаа рыдагьы, Аҧсны инхоз егьырҭ амилаҭқәа рхаҭарнакцәагьы. „Ҳара ҳаззықәҧози ҳхықәки еилкааны ареспублика еиуеиҧшым амилаҭтә еилазаарақәа адгылара ҳарҭеит“. />>/

 

 

16/12/2008 10:30       АҦСНЫ, АҞӘА
Аҧсны Урыстәыла Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ Семен Григориев Аҧсны Адәныҟатәи Аусқәа рминистр С.Шамба инапаҟны ииҭеит агәрагага шәҟәы
Урыстәыла ацҳаражәҳәарҭа Аҟәа аартра апроцесс аамҭа маҷымкәа иаҭахыуп, ҳәа ажурнаистцәа рзы аҳәамҭа ҟаиҵеит аиҧылара аламҭалаз ацҳаражәҳәаҩ. „Ҳара ҳгәы иаанагоит, ацҳаражәҳәарҭа инеиҧынкыланы аусура иалагап ҳәа ҳазҭало ашықәс ҿыц жьыныҳәамза анҵәамҭеи – жәабран мза алагамҭеи рзы.С.Шамбеи сареи ҳалацәажәараны ҳаҟоуп урыстәыла-аҧсуа еизыҟазаашьақәа рперспективеи рҭагылазаашьеи“ – иазгәеиҭеит Григориев. />>/

 

 

16/12/2008 10:10       АҦСНЫ, АҞӘА
Аҧсны аделегациа Женеваҟа ицоит арегион аҟны ашәарҭадара азҵаарақәа рзы ажәалагалақәа рыҟаҵара хықәкыс ирыманы
Аҧсны аделегациа иахьа Москваҟа ицоит, уантә амҩа иқәлоит Женеваҟа Кавказ ашәарҭадара азҵаарақәа рзы Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа ахҧатәи рраунд, ҧхынҷкәын 17-19 рзы имҩаҧысраны иҟоу аҽалархәразы. />>/

 

 

16/12/2008 10:00       АҦСНЫ, АҞӘА
Нинель Бжьаниеи Пиотр Петрови ирыхҵоуп „Ареспублика Аҧсны зҽаҧсазтәыз артист“ ҳәа аҳаҭыртә хьыӡқәа
Нинель Бжьаниеи Пиотр Петрови ирыхҵоуп „Ареспублика Аҧсны зҽаҧсазтәыз артист“ ҳәа аҳаҭыртә хьыӡқәа. />>/

 

 

15/12/2008 16:10       АҦСНЫ, АҞӘА
Иахьа Аҟәа даауеит Ареспублика Аҧсны Урыстәыла Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ Семен Григориев
Иахьа, Аҟәа даауеит Ареспублика Аҧсны Урыстәыла Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ Семен Григориев. Амш аҩбатәи азыбжазы имҩаҧысуеит адипломати Аҧсны адәныҟатәи аусқәа рминистр С.Шамбеи реиҧылара. Григориев ацҳаражәҳәаҩ инапынҵақәа зыршаҳаҭуа ашәҟәы ахҩылаа инапаҟны ииҭоит  Аҧсны адәныҟатәи Аусқәа рминистр С.Шамба. />>/

 

 

15/12/2008 16:00       АҦСНЫ, АҞӘА
С.Багаҧшь 1992 шықәса, ҧхынҷкәын 14 рзы Лаҭа ақыҭан иҭархаз Урыстәыла авертолиот МИ-8 акомандир иҭаацәа ириҭеит рыҷкәын иҳамҭа
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь идикылеит 1992 шықәса, ҧхынҷкәын 14 рзы Лаҭа ақыҭан иҭархаз Урыстәыла авертолиот МИ-8 аекипаж акомандир иҭаацәа. Сергеи Евдокимов иҭаацәа Аҧсныҟа иааит аиҳабыра рааҧхьарала. />>/

 

 

12/12/2008 16:00       АҦСНЫ, АҞӘА
Жьырныҳәамза 1 инаркны Очамчыра араион аҟны аефир ахь иҭыҵуеит аҭыҧантәи ателехәаҧшра астудиа „Абжьыуаа“
„Ашықәс ҿыц инаркны очамчыраа аҭыҧантәи ажәабжьқәеи ахҭысқәеи инарҵауланы еилыркааларц рылшоит аҭыҧантәи астудиа абзоурала.“, - иҳәеит астудиа аиҳабы Рамаз Џьопуа. Астудиа аусура финансла аиқәыршәара араионтә биуџьет ахыҧхьаӡалараҿы иҟоуп. />>/

 

 

10/12/2008 17:20       АҦСНЫ, АҞӘА
Москва Аҧсны ацҳаражәҳәаҩ Урыстәыла Афедерациа Адәныҟатәи Аусқәа рминистрраҟны инеигеит инапынҵақәа зыршаҳаҭуа ашәҟәы
Аҧсны Урыстәыла Афедерациаҿ ацҳаражәҳәаҩ Игор Ахба ахашаҽны, астатс-маӡаныҟәгаҩ, Урыстәыла Адәныҟатәи Аусқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ Григории Карасин инапаҟны ииҭеит ацҳаражәҳәаҩ инапынҵақәа зыршаҳаҭуа ашәҟәы ахҩылаа, ҳәа адырра ҟанаҵоит аминистрра аофициалтә саит.

/>>/

 

1 - 15 of 516
Алагамҭа | Аҧхь. | 1 2 3 4 5 6 7 8 9 10 11 | Ашьҭ. | Last | Зегьы 

 

Асаит иазкны RSS – аканалқәа Аполитика ашәарҭадара
© Аҧсны Аҳәынҭқарра Аусбарҭа.